Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иегова ишаҳаҭцәа реиԥыларақәа

Еилышәкаа ҳаиԥыларақәа шымҩаԥысуа. Урҭ ахьымҩаԥысуа ишәзааигәоу аҭыԥ шәыԥшаа.

Ишәзааигәоу аҭыԥ аԥшаара (opens new window)

Ишԥамҩаԥысуеи ҳаиԥыларақәа?

Мчыбжьыкахь ҩынтә Иегова ишаҳаҭцәа имҩаԥыргоит Анцәа имҵахырхәаразы аиԥыларақәа (Ауриацәа 10:24, 25). Урҭ аиԥыларақәа рахь изҭаху зегь неир рылшоит, уаҟа ҳара Абиблиа ҭаҳҵаауеит, насгьы иаҳҵаз ҳаԥсҭазаараҿы ахархәашьа ҳҵоит.

Ҳаиԥыларақәа реиҳарак рҿы аӡырҩцәа рхы аладырхәуеит, аҵаҩцәа аурокқәа рыҽшрыладырхәуа еиԥш. Аӡырҩцәа рхала ирыӡбоит аиԥыларақәа рҿы рхы аладырхәуоу ма иаладмырхәуоу. Аиԥыларақәа ирылагоит, насгьы ихдыркәшоит ашәеи анцәаиҳәареи рыла.

Ҳара ҳаиԥыларақәа рҭааразы Иегова ишаҳаҭны аҟалара аҭахӡам. Ҳара ауаа зегь ааԥхьара раҳҭоит. Аҩналаразы аԥара шәатәӡам. Уа аԥара еизыргаӡом.