Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Абиблиатә атлас

Абиблиатә атлас

Абиблиатә атлас «Посмотрите на „прекрасную землю“» шәыцхраауеит еиҳа инарҵауланы аҭҵаара амҩаԥгара. Абиблиаҿы иуԥылоит имаҷымкәа аҭыԥқәеи, ақалақьқәеи, атәылақәеи рыхьӡқәа. Ишәыԥшаала урҭ аҭыԥқәа атлас аҿы, насгьы иазгәашәҭала агеографиатә ҷыдарақәа зыӡбахә цо ахҭысқәа ишырныԥшыз. Уи Абиблиаҿы шәзыԥхьо ахҭысқәа аԥсы рханаҵоит, насгьы урҭ ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рахь шәианагоит.

Атлас «Посмотрите на „прекрасную землю“» аҿы иуԥылоит абиблиатә аамҭақәа раан адунеи зеиԥшраз узырбо аԥштәы змоу ахсаалақәеи асхемақәеи. Иара убас иуԥылоит шәыҭҵаара зырбеио адиаграммақәеи, компиутерла иҟаҵоу асахьақәеи, егьырҭ аматериалқәеи.

Атлас ацхыраарала иҭышәҵаар шәылшо:

  • Авраами, Исааки, Иакови ахьцоз-иахьаауаз.

  • Израильаа Египет иалҵны изқәыргәыӷыз адгьыл ахь излацоз амҩа.

  • Израильтәи адгьыл ахьышьҭази раӷацәа рыдгьылқәа ахьышьҭази.

  • Иисус ажәабжь бзиа ахьиҳәоз аҭыԥқәа.

  • Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Вавилони, Бырзентәылеи, Рими, егьырҭ аимпериақәеи рымҽхак шаҟа иҭбааз.

Атлас урысшәала хәыда-ԥсада онлаин иҟоуп.