Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АҾАР РЫЗҴААРАҚӘА

Ишԥасылшо абаҩрҵәыра аҟаҵара сҽасыршьцылар?

Ишԥасылшо абаҩрҵәыра аҟаҵара сҽасыршьцылар?

 Иамоузеи хәарҭас абаҩрҵәыра?

 Тәылақәак рҿы аҿар абаҩрҵәыра рацәак иазҿлымҳаӡам, убас ала ргәабзиара ашәарҭара иҭадыргылоит. Абиблиаҿы баша иаҳәаӡом: «Абаҩрҵәыра ацәеижь азы хәарҭақәак аанагоит» (1 Тимофеи иахь 4:8, АдҾ). Уазхәыц:

  •   Абаҩрҵәыра угәалаҟазаара шьҭнахуеит. Абаҩрҵәыра аныҟаҳҵо ҳахшыбаҩ аендорфинқәа еизнарҳауеит. Уи ахимиатә процесс ауаҩы игәалаҟазаара шьҭнахуеит. Шьоукы ирҳәоит абаҩрҵәыра адепрессиа аиааира иуцхраауа хәшәуп ҳәа.

     «Ашьыжь саныҩлак ашьҭахь амш зегьы агәырӷьареи амчи сымоуп. Аҩра сгәалаҟазаара шьҭнахуеит» (Регина).

  •   Абаҩрҵәыра уҭеиҭыԥш еиӷьнатәуеит. Иҭышәынтәалоу абаҩрҵәыра уӷәӷәаны аҟазаара иуцхраауеит, уҭеиҭыԥш еиӷьнатәуеит, ухгьы уақәгәыӷуа уҟалоит.

     «Шаҟа ибзиоузеи! Сара уажәы жәантә сҽышьҭысхыр сылшоит, шықәсык аԥхьа уи зныкгьы исзыҟаҵомызт! Аха сара сзы зегь реиҳа ихадоу сгәабзиара ахылаԥшра ауп» (Оливиа).

  •   Абаҩрҵәыра уԥсҭазаара иацнаҵоит. Абаҩрҵәыра агәы-шьадатә, насгьы аԥсыԥлагаҩагаратә система иацхраауеит. Ахацәеи аҳәсеи аеробикатә баҩрҵәыра рыцхраауеит аԥсрахьы иназго агәыхь чымазара аҽацәыхьчара.

     «Ҳара абаҩрҵәыра аныҟаҳҵо Ҳазшаз иҳарбоит иҳаиҭаз ҳцәеижь азы аџьшьара шааҳарԥшуа» (Џьессика).

 Алкаа. Абаҩрҵәыра агәырӷьара узаанагоит, насгьы агәабзиаразы ихәарҭоуп. Тониа зыхьӡу аӡӷаб илҳәоит: «Шәара ахаан ишәҳәаӡом: „Сызцазеи ныҟәара“, мамзаргьы „Изысҭахызи ари аҩра!“ Исыԥшаауаз аҿыҵгақәа сырҟәаҵны абаҩрҵәыра аныҟасҵоз ахаан сахьхәуамызт».

Амашьына уацкламԥшуазар, уи знымзар-зны иԥхасҭахоит. Убас ҳаргьы иҳахьыр алшоит абаҩрҵәыра ҟаҳамҵозар

 Исԥырхагоузеи сара абаҩрҵәыра аҟаҵара?

 Абар мзызқәак:

  •   Агәацԥыҳәара амамзаара. «Ауаа ргәы иаанагоит дара ахаан ичмазаҩхаӡом ҳәа. Рхаҿы иааргаӡом ргәабзиара иадҳәаланы ироур алшо ауадаҩрақәа. Дара ргәы иаанагоит абыргцәа роуп ичмазаҩхо ҳәа!» (Софиа).

  •   Аамҭа азымхара. «Сара даара сеилахоуп аҟынтә ибзианы акрыфареи ацәареи рзы аамҭа алхра сцәыуадаҩуп. Аха абаҩрҵәыразы аамҭа аԥшаара еиҳагьы исцәыцәгьан!» (Кларисса).

  •   Аспортзал ахь анеира алшара амамзаара. «Уҭеиҭыԥш арбзиара ахә цәгьоуп. Аспортзал ахь анеиразы аԥара шәатәуп» (Џьина).

 Изызхәыцтәу:

 Иуԥырхагоузеи уара? Уи амзыз ахала ицаӡом, уи азы аџьабаа батәуп. Аха уи ахаан уахьхәӡом!

 Ишԥасылшо абаҩрҵәыра аҟаҵара сҽасыршьцылар?

 Иҟалап уара арҭ алабжьарақәа уцхраар:

  •   Уара угәабзиара унапаҿы иҟоуп (Галаҭаа рахь 6:5).

  •   Аҿыҵгақәа рыԥшаара уаҟәыҵ (Екклезиаст 11:4). Иаҳҳәап, абаҩрҵәыра аҟаҵаразы аспортзал ахь умцаргьы ҟалоит. Ухазы иалх иугәаԥхо, есымша иҟауҵало абаҩрҵәыра.

  •   Ухазы абаҩрҵәыра алухразы егьырҭгьы уразҵаа (Ажәамаанақәа 20:18).

  •   Аҽазыҟаҵаразы апрограмма шьақәыргыл. Иқәыргылала ахықәкқәа, насгьы алҵшәа уацклаԥшла. Уи угәҭакы анагӡара иуцхраауеит (Ажәамаанақәа 21:5).

  •   Абаҩрҵәыра иааиԥмырҟьаӡакәа ишәыцҟазҵо аҩыза дышәзыԥшаар, уи шәгәы шьҭихыр, насгьы дшәыцхраар илшоит (Екклезиаст 4:9, 10).

  •   Ишәзалымҵуазар шәгәы кашәмыжьын. Шәызҿу шәаҟәымҵын! (Ажәамаанақәа 24:10).

 Мыцхәы уҽадумцалалан

 Абиблиа аҭышәынтәалара ааҳарԥшларц ҳгәазҭанаҵоит (1 Тимофеи иахь 3:2, 11). Ус анакәха, абаҩрҵәыра аныҟауҵо аҭышәынтәалара аарԥшла. Зҭеиҭыԥш ԥшӡахарц азы иахзырҟьацәо ауаҩы ихы баша ирааԥсоит. «Зҭеиҭыԥш иацклаԥшуа, аха зыхшыҩ маҷу аҷкәын сара дысгәаԥхаӡом»,— лҳәоит Џьулиа.

 Уҽырцәыхьчала абас еиԥш иҟоу афитнес иазку алабжьарақәа: «Уԥсыргьы даҽа жәантә иҟаҵа!». Ас еиԥш иҟоу алабжьарақәа уцәеижь иаԥырхагахоит, насгьы уԥсҭазаараҿы иузеиӷьу, иухәаша уаҩужьыр алшоит (Филиппаа рахь 1:10).

 Уи адагьы, ас еиԥш иҟоу алабжьарақәа иҽеим алҵшәақәа аанагар алшоит. Вера зыхьӡу аӡӷаб илҳәоит: «Аӡәырҩы аӡӷабцәа изеиԥшхарц рҭаху, зҭеиҭыԥш бзиоу рпатреҭқәа еидыркылоит, насгьы лассы-лассы урҭ ирыхәаԥшуеит ирымоу агәаҳәара рцәымӡырц азы. Аҵыхәтәаны, изеиԥшхарц рҭаху рхы анрыҿдырԥшуа, уи ргәы канажьуеит. Абаҩрҵәыра ҟаҵала угәабзиара азы, уҭеиҭыԥш азы акәымкәа».