Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

А5

Анцәа ихьӡ Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы

Абиблиаҭҵааҩцәа Анцәа ихьӡ атетраграмматон (יהוה) еиԥш Ауриатә Ҩырақәа роригиналтә текст аҿы 7 000-нтә раҟара ишуԥыло мап ацәыркӡом. Ус шакәугьы, урҭ рҟынтә Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа роригиналтә текст аҿы Анцәа ихьӡ уԥылаӡомызт ҳәа зҳәо рацәаҩуп. Убри иахҟьаны иахьа Ауасиаҭ Ҿыц аиҭагақәа реиҳарак рҿы ахьӡ Иегова уԥылаӡом. Атетраграмматон ахьуԥыло Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә ацитатақәа анаагоугьы, аиҭагаҩцәа реиҳараҩык Анцәа ихьӡ аҭыԥан атитул «Иҳақәиҭу» дыргылоит.

Аха аиҭага «Адунеи ҿыц» акомитет уи аҵас иқәныҟәаӡом. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭага «Адунеи ҿыц» аҿы ахьӡ Иегова 237-нтә иуԥылоит. Избан? Аиҭагаҩцәа ихадоу ҩ-факторк ирызхәыцит. Актәи, иахьа иҟоу абырзен манускриптқәа аоригиналқәа ракәӡам. Зқьыла иҟоу ахҩылаақәа реиҳарак аоригинал анырҩы ашьҭахь 200 шықәса иреиҵамкәа ианҵы ауп ианцәырҵыз. Аҩбатәи, усҟан ахҩылааҩцәа атетраграмматон абырзен ажәа Ки́риос (Иҳақәиҭу) ала ирыԥсахуан, мамзаргьы атетраграмматон ахьырыԥсаххьаз ахҩылаақәа рҟынтә ауп иахьынтәихырҩылаауаз.

Аиҭага «Адунеи ҿыц» акомитет агәра ганы иҟоуп атетраграмматон аоригиналтә бырзен манускриптқәа рҿы ишуԥылоз. Абар уи агәаанагара шьақәырӷәӷәарақәас иамоу:

  • Иисуси апостолцәеи рхаан рхы иадырхәоз Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа ирныз атекст зегь аҿы атетраграмматон уԥылон. Уаанӡа шьоукы уи иақәшаҳаҭӡамызт. Аха Кумран азааигәара I ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҟаҵаз Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа анырыԥшаа, уи ус шакәу шьақәырӷәӷәахеит.

  • Иисуси апостолцәеи рхаан рхы иадырхәоз бырзен бызшәала еиҭагаз Ауриатә Ҩырақәа реиҭагақәа рҿы атетраграмматон уԥылон. Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аҵарауаа ргәы иаанагон бырзен бызшәала еиҭагаз Ауриатә Ҩырақәа рҿы, Асептуагинта аҿы, атетраграмматон уԥылаӡомызт ҳәа. Аха XX ашәышықәса азбжазы ирыԥшааит Иисус ихаан рхы иадырхәоз, даара иажәу Асептуагинта акопиа. Уа ауриа нбанла Анцәа ихьӡ анын. Ус анакәха, Иисус ихаан бырзен бызшәала еиҭагаз Ауриатә Ҩырақәа ркопиақәа рҿы Анцәа ихьӡ уԥылон. Аха IV ашәышықәса ҳ. ҳ. азы иҩыз абырзен Септуагинта аманускриптқәа рҿы, иаҳҳәап, Ватикантәи акодекси Синаитәи акодекси рҿы, Аҟазаара инаркны Малахиа аҟынӡа Анцәа ихьӡ уԥылаӡом (уаанӡатәи аманускриптқәа рҿы ишуԥылозгьы). Убри аҟынтә иџьашьатәӡам усҟантәи аамҭазы иҟаҵаз Ауасиаҭ Ҿыц, ма Абырзен Ҩырақәа, рҿгьы Анцәа ихьӡ ахьуԥымло.

    Иисус Анцәа даниҳәоз, ус иҳәеит: «Сара... ауаа ухьӡ рзаасыртит»

  • Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иануп Иисус лассы-лассы Анцәа ихьӡ ихы ишаирхәоз, егьырҭ ауаагьы ишырзааиртуаз. Иисус Анцәа даниҳәоз, ус иҳәеит: «Сара... ауаа ухьӡ рзаасыртит». Иара иҵегь иҳәеит уи ахьӡ егьырҭ ишырзеиҭеиҳәало (Иоанн 17:6, 11, 12, 26)

  • Уамашәа иубар ауан Абиблиа актәи ахәҭаҿы (Ауриатә Ҩырақәа рҿы) Иегова ихьӡ уԥылозҭгьы, аха аҩбатәи ахәҭаҿы (Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы) уи иаалырҟьаны ибжьаӡызҭгьы, избанзар Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәагьы Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩуп. Актәи ашәышықәса азбжазы Христос иҵаҩы Иаков Иерусалим иҟаз аизара ахылаԥшыҩцәа ус реиҳәеит: «Симеон ак агмыжькәа иаҳзеиҭеиҳәеит Анцәа иауриамгьы шидикылаз, урҭ рҟынтә ихьӡ зху жәларык еидикыларц азы» (Аусқәа 15:14). Актәи ашәышықәсазы Анцәа ихьӡ аӡәгьы изымдыруазҭгьы, ма ихы иаимырхәозҭгьы, Иаков ииҳәаз аҵакы аиуӡомызт.

  • Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ икьаҿу аформа уԥылоит. Аатра 19:1, 3, 4, 6 рҿы иаагоу ажәа «аллилуиа» Анцәа ихьӡ алоуп. Уи ажәа ажәытәуриатә бызшәа аҟынтә еиҭоугозар, иаанагоит «дшәырҽхәала Иах». Иах — ахьӡ Иегова икьаҿу аформа ауп. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иуԥыло имаҷымкәа ахьӡқәа Анцәа ихьӡ иахылҿиаауеит. Иаҳҳәап, аилыркаагатә усумҭақәа инарықәыршәаны, ахьӡ Иисус иаанагоит «Иегова Аиқәырхаҩ иоуп».

  • Ажәытә иудеиатә напылаҩырақәа иаҳдырбоит иауриаз ақьырсианцәа рҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ рхы ишадырхәоз. Тосефт аҿы, III ашәышықәса анҵәамҭазы, IV ашәышықәса алагамҭазы ҳ. ҳ. аан иҩыз ҿырҳәалатәи азакәанқәа реизга аҿы, ианын ақьырсиантә напылаҩырақәа асабшаҽны ирбылуазҭгьы иҟаҵатәыз: «Аевангелиеқәеи аминцәа [иҟалап иауриаз ақьырсианцәа ракәзар] рышәҟәқәеи амца иацәырыхьчаӡом, урҭ амца иахьақәу иаанрыжьуеит, ирну Анцәа ихьӡгьы даргьы блырц азы». Урҭ азакәанқәа реизгаҿы анаҩс иаагоуп II ашәышықәса ҳ. ҳ. алагамҭазы инхоз араввин Галилеиатәи Иосе иажәақәа. Иара иҳәон амчыбжь егьырҭ амшқәа рзы «Анцәа ихьӡ ҭаԥҟаны иҵәахтәуп, иаанхо былтәуп» ҳәа.

  • Абиблиаҭҵааҩцәа шьоукы Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ Ауриатә Ҩырақәа рҟынтә иаагаз ацитатақәа рҿы иуԥылозар ҟаларын ҳәа ргәы иаанагоит. Абиблиатә жәарк аҿы иаагоу «Атетраграмматон Ауасиаҭ Ҿыц аҿы» ҳәа хьӡыс измоу астатиаҿы иануп: «Ашьақәырӷәӷәарақәа иаҳдырбоит Ауасиаҭ Ҿыц раԥхьатәи анапылаҩырақәа рҿы иуԥылоз Ажәытә Уасиаҭ аҟынтә ацитатақәа рҿы Атетраграмматон, Анцәа ихьӡ, Иахве, џьара-џьара, мамзаргьы зехьынџьара ишуԥылоз» (The Anchor Bible Dictionary). Абиблиаҭҵааҩ Џьорџь Ховард иҳәоит: «Актәи ашәышықәсазы ауахәамақәа рхы иадырхәоз Иԥшьоу Аҩыраҿы атетраграмма уԥылон, убри аҟынтә Ауасиаҭ ҿыц зыҩуаз Аҩыра аҟынтә ацитатақәа анааргоз, атетраграмма абиблиатә текст аҿы иаанырмыжькәа ҟалаӡомызт».

  • Еицырдыруа аиҭагаҩцәа Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ рхы иадырхәон. Еицырдыруа аиҭагаҩцәа шьоукы аиҭага «Адунеи ҿыц» ацәырҵра акыр шагызгьы Анцәа ихьӡ рхы иадырхәон. Англыз бызшәала иҟоу урҭ аиҭагақәа иреиуоуп: A Literal Translation of the New Testament... From the Text of the Vatican Manuscript (Herman Heinfetter, 1863); The Emphatic Diaglott (Benjamin Wilson, 1864); The Epistles of Paul in Modern English (George Barker Stevens, 1898); St. Paul’s Epistle to the Romans (W. G. Rutherford, 1900); The New Testament Letters (J.W.C. Wand, Bishop of London, 1946). Иара убас XX ашәышықәса алагамҭазы Пабло Бессон аиспан бызшәала еиҭеигаз Абиблиаҿы ахьӡ Иегова уԥылоит Лука 2:15, насгьы Иуда 14 аҿы, албаагақәа рҿгьы 100-нтә инареиҳаны иуԥылоит. Уи аԥхьагьы, XVI ашәышықәса инаркны атетраграмматон лассы-лассы рхы иадырхәон Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа ауриатә бызшәахьы ианеиҭаргоз. Анемец бызшәала иҟоу 11 еиҭага иреиҵамкәа рҿы ахьӡ Иегова (ма Иахве) уԥылоит Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы, ԥшь-еиҭагак рҿы уи ахьӡ ажәа «Иҳақәиҭу» ашьҭахь архәақәа ирҭакуп. Анемец бызшәала иҟоу 70 еиҭага инареиҳаны рҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит албаагақәа ма акомментариқәа рҿы.

    Анцәа ихьӡ Аусқәа 2:34 аҿы, аиҭага The Emphatic Diaglott (Benjamin Wilson, 1864)

  • 100 бызшәак инареиҳаны рыла еиҭагоу Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы Анцәа ихьӡ уԥылоит. Азиеи, Америкеи, Африкеи, Европеи, Аокеан ҭынч атәылақәеи рҿы излацәажәо имаҷымкәа абызшәақәа рыла иҟоу аиҭагақәа рҿы Анцәа ихьӡ зныкымкәа иуԥылоит. (Урҭ абызшәақәа рсиа ҵаҟа  арамкаҿы иаагоуп.) Урҭ аиҭагақәа аус рыдызулоз аиҭагаҩцәа хыхь иаагаз амзызқәа иреиԥшу амзызқәа ирызхәыцны, Анцәа ихьӡ рхы иадырхәаларц рыӡбеит. Урҭ рҟынтә Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа реиҭагақәак уажәы ааигәоуп ианцәырҵ. Урҭ иреиуоуп ротума бызшәала еиҭагоу Абиблиа (1999), уа Анцәа ихьӡ 48 жәеинраалаҿы 51-нтә иуԥылоит, иара убас индонезиатәи абызшәақәа руак — батактәи абызшәа (тоба) — ала еиҭагоу Абиблиа (1989), уа Анцәа ихьӡ 110-нтә иуԥылоит.

    Анцәа ихьӡ Марк 12:29, 30 аҿы, гаваитәи аиҭага

Ҳәарада, Анцәа ихьӡ Иегова Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы аиҭашьақәыргыларазы амзызқәа зегь ыҟоуп. Убри ауп иҟарҵаз аиҭага «Адунеи ҿыц» аиҭагаҩцәагьы. Дара Анцәа ицәшәоит, насгьы ихьӡ ҳаҭыр ду ақәырҵоит, убри аҟынтә аоригиналтә текст акгьы анырымхӡеит (Аатра 22:18, 19).