Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо

«Адоуҳатә шәақәа» ҿырҳәала ишәҵала

«Зны-зынла акы саԥсамшәа схы збоит. Ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан Иегова бродкастинг аҟынтә ашәақәа рыла сгәы шьҭихуеит» (Лорреин, Еиду Аштатқәа).

Ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы «адоуҳатә шәақәа» еснагь Анцәа имҵахырхәара иахәҭакын (Кол. 3:16). Урҭ ҿырҳәала ишәҵар, шәгәы шьҭырхлоит, ашәақәа зну ашәҟәы, ма аелектронтә хархәага шәааигәа иҟамларгьы. Ашәақәа гәнышәкыларц азы, анаҩстәи алабжьарақәа рхархәара шәҽазышәшәа.

  • Ажәақәа ибзианы шәрыԥхьа, насгьы аҵакы шәазхәыц. Ҳара ибзианы ак анеилаҳкаалак, уи агәынкылара еиҳа иаҳзымариоуп. Ҳашәақәа зегьы, ахәыҷқәа рзы иҟоу ашәақәагьы, JW Broadcasting® аҟынтә ашәақәагьы, асаит jw.org аҿы иҟоуп. Иаашәырты агәылаҵа «Абиблиотека», анаҩс «Амузыка».

  • Ашәа ажәақәа напыла ихыжәҩылаа. Убас урҭ еиҳа шәхаҿы иаанхоит (Ҩынтә. 17:18).

  • Шәыбжьы ҭыганы шәаԥхьала. Ашәа шәаԥхьа, мамзаргьы ҩынтә-хынтә ишәҳәа.

  • Шаҟа ибзианы игәнышәкылаз гәашәҭ. Ашәа ажәақәа шәырмыхәаԥшӡакәа шәгәаларшәара шәҽазышәшәа. Нас шаҟа ибзианы ишәзалҵыз гәашәҭ.