Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 134

Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха

Ахшара — Иегова иҟынтә аҭынха

(Аԥсалом 127:3—5)

  1. 1. Иразҟуп абыс уаныҟоу,

    Ангьы убас еиԥш, ахәыҷы данлыхшо,

    Иџьашьахәуп, аха ирдыруаз,

    Уи ҳамҭа шьахәуп рнапаҿы.

    Ҳазшаз ираҭәеишьеит ҭынхарак,

    Аԥсҭазаареи абзиабареи зшаз.

    Урҭ рыҵла иашаӡа иазҳарцаз,

    Иҟәышу ажәақәа раҳауеит.

    АХАПА

    Ҳазшаз ишәаҭәеишьеит ҭынхарак,—

    Ҽаӡәы иԥсҭазаара шәыхьчарц.

    Ишәуалуп шьҭа шәхәыҷы иҟәышу

    Нцәа имҩа алихыртә дшәааӡарц.

  2. 2. Анцәа иажәақәа ишәиҭаз

    Шәгәаҵаҿ урҭ еснагь шәара ишәҵәахла.

    Рыхшыҩ иҭажәгал урҭ шәыхшара,

    Абзиабашьагь дшәырҵала.

    Аԥҟара ссирқәа дшәырҵалароуп,

    Аҩны шәантәоугьы, шәымҩагь шәанану.

    Шәара шәџьабаа мыӡааит баша,

    Анцәа дырзылԥхааит еснагь даргьы.

    АХАПА

    Ҳазшаз ишәаҭәеишьеит ҭынхарак,—

    Ҽаӡәы иԥсҭазаара шәыхьчарц.

    Ишәуалуп шьҭа шәхәыҷы иҟәышу

    Нцәа имҩа алихыртә дшәааӡарц.

(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 6:6, 7; Еф. 6:4; 1 Тим. 4:16.)