Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 20

Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау

Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау

Иегова аиҿкаара бзиа ибоит (1 Коринфаа рахь 14:33). Убри аҟынтә иаҳҳәар ҳалшоит ижәларгьы ибзианы еиҿкаауп ҳәа. Ишԥеиҿкаау ақьырсиантә еизара? Ҳацхраалар шԥаҳалшо ҳара зегьы аизараҿы иҟоу аиҿкаара?

1. Хадас иамада аизара?

Христос — аизара хадас дамоуп (Ефесаа рахь 5:23). Ажәҩан аҟынтә Иисус Христос адунеи ахьынӡанаӡааӡо Иегова ижәлар инарыгӡо аус напхгара азиуеит. Иисус далихит «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» — аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ хәыҷ (уи иара убас Анапхгаратә хеилак ҳәа иашьҭоуп). (Шәаԥхьа Матфеи 24:45—47.) Актәи ашәышықәсазы Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара аиҳабацәеи ақьырсианцәа инарыгӡоз аус напхгара арҭон. Иахьагьы Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа ақьырсианцәа зегьы напхгара рырҭоит (Аусқәа 15:2). Аха уи иаанагаӡом урҭ ахацәа ҳорганизациаҿы ихадацәоуп ҳәа. Дара еиуеиԥшым азҵаарақәа рҿы Иегова игәаанагара зеиԥшроу еилыркаарц азы Абиблиа бзианы иҭырҵаауеит, насгьы Иисус инапхгара иацныҟәоит.

2. Изусҭцәада аизара аиҳабацәа, насгьы иҟарҵозеи дара?

Аизара аиҳабацәа — аԥышәа змоу қьырсианцәоуп. Дара Иегова ижәлар Абиблиа иану ддырҵоит, насгьы аизарақәа ирхылаԥшуеит. Ирбо аџьабаазы аԥара рзыршәаӡом. Аизара аиҳабацәа хатәгәаԥхарала, насгьы гәыкала ауп Анцәа имаҵ шыруа, феидак алҳгандаз ҳәа акәӡам (1 Пиотр 5:1, 2). Аизара ацхырааҩцәа урҭ ирыцхраауеит, аамҭак ашьҭахь даргьы аизара аиҳабацәас иҟалар рылшоит.

Анапхгаратә хеилак иалахәу аишьцәа аизара аиҳабацәа шьоукы араион ахылаԥшыҩцәас иҟаларц азы иалырхуеит. Араион ахылаԥшыҩцәа аизарақәа ирҭаауеит, анапхгара рырҭарц, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхырц азы. Дара аизара аиҳабацәеи аизара ацхырааҩцәеи алырхуеит. Аха аизара аиҳабацәас, насгьы аизара ацхырааҩцәас иалырхуа Абиблиа иану аҭахрақәа ирықәшәо ахацәа роуп (1 Тимофеи иахь 3:1—10, 12; Тит иахь 1:5—9).

3. Иарбан дҵоу Иегова ишаҳаҭцәа зегьы инарыгӡо?

Аизараҿы зегьы Иегова ихьӡ дырҽхәоит, иаҳҳәап, аҭакқәа ҟарҵоит, ажәахәқәа рҳәоит, адҵақәа нарыгӡоит, насгьы ашәа рҳәоит, иара убас шаҟа рылшо аҟара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 148:12, 13.)

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аизара хадас иҟоу Иисус ироль шынаигӡо, аизара аиҳабацәа иара ишиҿыԥшуа, насгьы Иисуси аизара аиҳабацәеи ҳрыцхраалар шҳалшо.

4. Иисус днапхгаҩ бзиоуп

Иисус ҳара зегьы хаҭала зеиԥшыҟам ааԥхьара ҳаиҭоит. Шәаԥхьа Матфеи 11:28—30, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дзеиԥшра напхгаҩузеи Иисус? Инхаларц шԥеиҭаху Иисус ауаа инапхгара аҵаҟа?

Ишԥеиҿыԥшуеи аизара аиҳабацәа Иисус? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Абиблиаҿы еилыкка иануп аизара аиҳабацәа ирыду адҵақәа шынарыгӡалаша.

Шәаԥхьа Исаиа 32:2, насгьы 1 Пиотр 5:1—3, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы иахәома шәара, аизара аиҳабацәа Иисус иҿыԥшны, ауаа ишырхылаԥшуа аныжәбо?

  • Ишԥеиҿыԥшуеи иҵегь аизара аиҳабацәа Иисус?

5. Аизара аиҳабацәа аҿырԥш бзиа ҳарҭоит

Дыззыԥшузеи Иисус аизара аиҳабацәа рҟынтә? Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу дара ирыду адҵақәа? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

Иисус аизараҿы аҭакԥхықәрақәа зду рзы дҿырԥшыгоуп. Шәаԥхьа Матфеи 23:8—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Еиԥшума Абиблиаҿы аизара аиҳабацәа рхы мҩаԥыргалар шрыхәҭоу иазкны иануи адиннапхгаҩцәа рхымҩаԥгашьеи? Иахышәҳәаауеи уи шәара?

  1. 1. Аизара аиҳабацәа еснагь ажәабжь бзиа рҳәоит

  2. 2. Аизара аиҳабацәа рҵаҩцәоуп. Иара убас дара Аҳратә зал аилыргареи егьырҭ аусқәеи рхы рыладырхәуеит

  3. 3. Аизара аиҳабацәа ирылшо зегь ҟарҵоит, рҭаацәеи дареи Иегова иҩызцәа бзиақәаны иҟазарц азы

  4. 4. Аизара аиҳабацәа аизараҿы зегьы хаҭала ирыцхраауеит

6. Аизара аиҳабацәа ҳрыцхраалар шҳалшо

Абиблиаҿы иануп аизара аиҳабацәа ҳрыцхраалар зхадоу. Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 13:17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәы ишԥаанаго, избан Абиблиаҿы аизара аиҳабацәа шәырзыӡырҩла ҳәа зану?

Шәаԥхьа Лука 16:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Избан амаҷ аҿгьы аизара аиҳабацәа ҳарзыӡырҩлар зҳахәҭоу?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ишаҳҭаху Анцәа ҳимҵахырхәалар ауеит».

  • Избан аизараҿы егьырҭ урывагыланы Анцәа уанимҵахырхәо бзиоуп ҳәа шәгәы изаанаго?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иисус аизара хадас дамоуп. Ҳара ҳгәырӷьаҵәа аизара аиҳабацәа ҳрыцхраауеит, избанзар дара ҳхылаԥшуеит, насгьы зегь рыла Иисус иҿыԥшуеит.

Аиҭахысра

  • Хадас иамада аизара?

  • Изаҭахузеи аизараҿы аизара аиҳабацәа?

  • Иарбан ҭакԥхықәроу Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ирыду?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Еилышәкаа Анапхгаратә хеилаки аизара аиҳабацәеи аизараҿы иҟоу зегьы бзиа ишырбо.

«Ашьҭашәарыцарақәа раан аишьцәа ргәы ҳарӷәӷәоит» (4:22)

Араион ахылаԥшыҩцәа рыԥсҭазаареи рмаҵзуреи иазкны еиҳаны еилышәкаа.

«Будни районного надзирателя» (4:51)